Ҭырқәтәылаҟа идәықәло аныҟәаҩцәа PCR атестқәа рыҟаҵара рықәшәом
Ҭырқәтәылаҟа идәықәло аныҟәаҩцәа PCR атестқәа рыҟаҵара рықәшәом

Ҭырқәтәыла идәықәло аныҟәаҩцәа PCR атестқәа рыҟаҵара ирықәшәом. Аихқәа ишаарыцҳаз ала, аҳәамҭа аланарҵәеит Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

“Акоронавирус апандемиа аҭагылазаашьа ҭҵааны, рашәара 1 инаркны атәыла иарбанзаалак аҳәаатә пунктқәа рхысраан аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу  PCR атест иҵоурам аҭак змоу ма аҵыхәтәантәи 24 саакҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу антиген-атест лас иҵоурам аҭак аарԥшра аҭахым”, – иануп аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.

Иара убас, лаҵара 29 рзы Ҭырқәтәыла анапхгара рыӡбамҭа инақәыршәаны, атәыла аҵакырадгьыл аҿы асабрадақәа ныҟәгатәым.