Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ақырҭуа иколлега Вахтанг Гомелаури ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  адгьылҵысра ашьҭахь ақырҭуа аиқәырхаҩцәа иҟарҵаз ацхырааразы
Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ақырҭуа иколлега Вахтанг Гомелаури ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  адгьылҵысра ашьҭахь ақырҭуа аиқәырхаҩцәа иҟарҵаз ацхырааразы

Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу Қырҭтәыла аиҳабыреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури изааишьҭыз аофициалтә шәҟәы аҟны Сулеиман Соилу Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟалаз арбгаратә адгьылҵысра ашьҭахь иҟарҵаз ацхыраареи адгылареи азыҳәан.

Ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала,  ақырҭуа аиқәырхаҩцәа даӡәымкәа ауааҧсыра еиқәдырхеит.

«Даараӡа ҳшәаҭабууп арбгаратә адгьылҵысра иадҳәалаз ҳхьаа ҳацыҩшареи, азарал зауз арегионқәа рҭаареи, адгылареи азыҳәан.

Ҳажәлар шәара шәҟынтә ироуз аматериалтәи аморалтәи цхыраара ахаангьы ирхашҭуам.

Шәареи Қырҭтәыла аиҳабыреи ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит зхы иамеигӡакәа аиқәырхаратә операциа иалахәыз,  ауаа рацәа рыҧсҭазаара еиқәзырхаз  ақырҭуа аиқәырхаҩцәа инарыгӡаз аусура ду азыҳәан“, — иануп аофициалтә шәҟәы аҟны.