Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаҧнаго аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылахьчара ҧасатәи аминистр Ҭина Хидашелии, Амилаҭтә ҵысра алахәыла Губаз Саникиӡеи, Амилаҭтә ҵысра ҧасатәи алахәыла Гьаргь Канделакии аӡбаҩ иҿаҧхьа рҿахәы рҿырхуеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еиуеиҧшым ахаҿқәа аргама аҳәамҭақәа ҟарҵеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ атәым атәылақәа рыла акадрқәа рыдаҧхьалара иазкны, арҭ аҳәамҭақәа атерроризм аганахьала ахарадҵарақәагьы рылан.
«Ҳара, ҳахшыҩ азышьҭны арҭ аҳәамҭақәа рыҭҵаара ҳаҿуп. Қырҭтәыла абри аҩыза ахарадҵара ықәзыргылаз ауаа хықәкыс ирымаз еилкаатәуп. Арегионаҿ аибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Насгьы, арҭ аҳәамҭақәа равторцәа уаанӡа ахаангьы азинхьчаратә органқәа ари аинформациа рырымҭацызт.
Аусеилыргара иалагахьеит, аҳәамҭақәа равторцәа рахь азҵаарақәа ҟалоит, дара аконкреттә фактқәа раарҧшра алшара роуеит», – ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.