Ҭамар Габуниа ишаалыцҳаз ала, апрепарат  «Синофарм» ала авакцинациазы ауаа ашәҟәы рҭаҩра иалагоит мшаҧы  27 инаркны
Ҭамар Габуниа ишаалыцҳаз ала, апрепарат  «Синофарм» ала авакцинациазы ауаа ашәҟәы рҭаҩра иалагоит мшаҧы  27 инаркны

Апрепарат  «Синофарм» ала авакцинациазы ауаа ашәҟәы рҭаҩра иалагоит мшаҧы  27 инаркны. Аиммунизациа ахеилак аилатәара ашьҭахь ари атәы аалыцҳаит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.

Лара лажәақәа рыла, аспециалистцәа еицҿакны ишьақәдырҕәҕәеит атәылаҿы авакцина «Синофарм» хымҧада ахархәара ишалагатәу.

«Аиммунизациа ахеилак абжьагара ала, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри, аекспертцәеи зыӡбахәы ҳәоу авакцина ахархәара алагара иадҳәалоу  апротоколқәеи абжьагарақәеи аус рыдулара хдыркәшоит анеҩстәи амчыбжь азы. «Синофарм» ала авакцинациазы ауаа ашәҟәы рҭагалара апроцесс иалагоит мшаҧы  27 инаркны. Аепидемиологиатә шәарҭарақәа иазҧхьагәаҭаны, аекспертцәа еицҿакны ишьақәдырҕәҕәеит атәылаҿы авакцина «Синофарм»  ахархәара хымҧада ишалагатәу,» – илҳәеит Габуниа.