Ҭамар Габуниа – 12 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа авакцина даҽа дозак рҭахуп, ааглыхыҩцәа рҟны аиҿцәажәрақәа мҩаҧысуеит
Ҭамар Габуниа – 12 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа авакцина даҽа дозак рҭахуп, ааглыхыҩцәа рҟны аиҿцәажәрақәа мҩаҧысуеит

Иахьа Аиммунизациа ахеилак аҿы изхәаҧшуаз   2022 шықәсатәи аплан  иарбоуп ахәыҷқәа рзы  авакцинагьы.

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала 12 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа авакцина даҽа дозак рҭахуп, ари азҵаара иадҳәаланы ааглыхыҩцәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит.

«12 шықәса еиҳаны зхыҵуа ахәыҷқәа авакцина абжьааҧнытә доза ҟарҵар рылшоит, аха, 12 шықәса зхымҵыц даҽа дозак рҭахуп. Арҭ авакцинақәагьы аплан иарбоуп, ари азҵаара иадҳәаланы ааглыхыҩцәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.