Ҭамар Габуниа - Ауааԥсыра реиҭаҵра, акциақәа уахь иналаҵаны, авирус аларҵәара мзызуп, ари ахырхарҭа ҳазхуцроуп
Ҭамар Габуниа - Ауааԥсыра реиҭаҵра, акциақәа уахь иналаҵаны, авирус аларҵәара мзызуп, ари ахырхарҭа ҳазхуцроуп

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, атәылаҿ аепидҭагылазаашьа цәгьоуп, ари амобилра ду иадҳәалоуп.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы Габуниа ишаалыцҳаз ала, аепидҭагылазаашьа аиӷьтәразы амобилра маҷхароуп, авакцинациазы апрограмма активхароуп.

“Ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷхар, иԥсуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡарагьы маҷхоит. Иахьазы зегь реиҳа ихадоу авирус аанкылара ауп. Ауааԥсыра реиҭаҵра, акциақәа уахь иналаҵаны, авирус аларҵәара мзызуп, ари ахырхарҭа ҳазхуцроуп. Аепидҭагылазаашьа аиӷьтәразы амобилра маҷхароуп, авакцинациазы апрограмма активхароуп,” – илҳәеит Ҭамар Габуниа.