Ҭамар Габуниа – Иааиуа амчыбжь азы авакцинациа апунктқәа зегьы рҿы авиртуалтә кабинетқәа аадыртуеит
Ҭамар Габуниа – Иааиуа амчыбжь азы авакцинациа апунктқәа зегьы рҿы авиртуалтә кабинетқәа аадыртуеит

 

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа лҳәамҭала, иааиуа амчыбжь азы авакцинациа апунктқәа зегьы рҿы авиртуалтә кабинетқәа аадыртуеит.
Зыӡбахы ҳәоу акабинетқәа хықәкыс ирымазаауеит арегистрациа изахымсыз ауааҧсыра зыҧсы ҭоу агәаран апринципла алаҵа рзыҟаҵара.

«Абри апроцесс аҿы проблмак ауп ицәырҵыр иҟало, алаҵа ҟазҵар зҭаху ауаа рацәа аамҭакала еизар ауеит.  Уи ҟамларцаз, заанаҵы Ацәаҳәа ҷыда ала аҭел шәасны, шәаннеиша аамҭа еилышәкаар шәылшоит. Авакцинациа апроцедура излауа ала имариазаауеит. Ауааҧсыра зегьы алаҵа ҟарҵар рылшоит», — илҳәеит Габуниа.