Урыстәыла акоронавирус 40 443-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 1 189-ҩык
Урыстәыла акоронавирус 40 443-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 1 189-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 40 443-ҩык рыдбалан, 32 807-ҩык ачымазара иалҵит.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 1 189 -ҩык.

Апандемиа иалагеижьҭеи  Урыстәыла акоронавирус рыдбалан  8 633 000-ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит  7 445 000-ҩык ирериҳаны, рыԥсҭазаара  иалҵхьеит 242 060-ҩык апациентцәа.