Уаҵәы Џьо Баиден Америка адәныҟатәи аполитика иазку  истратегиа  цәыригар ҟалап
Уаҵәы Џьо Баиден Америка адәныҟатәи аполитика иазку  истратегиа  цәыригар ҟалап

Уаҵәы Џьо Баиден Америка адәныҟатәи аполитика иазку  истратегиа  цәыригар ҟалап.

ABC News адыррақәа рыла,  Баиден истратегиа далацәажәоит Аҳәынҭқарратә департамент ашҟа даннеилак.

АИХ аҿы аларҵәара зауз аинформациа ала, Баиден истратегиа адунеи аҿы Америка апозициақәа реиҭашьақәыргылара ашҟа ахы рхоуп.

Алхраҧхьатәи акампаниа аан Баиден Трамп имҩаҧигоз аполитика ҕәҕәала акритика азиуан, изныкымкәа аргама иҳәахьан   алхрақәа рҿы аиааира анигалак  ашьҭахь Америка адәныҟатәи аполитика шиҧсахуа.