Владимир Зеленски  Саломе Зурабишвили адгыларазы ҭабуп ҳәа леиҳәеит
Владимир Зеленски  Саломе Зурабишвили адгыларазы ҭабуп ҳәа леиҳәеит

Украина ахада Владимир Зеленски  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳақәа рҿы иҟалҵаз адгыларатә ҳәамҭақәа рзы  ҭабуп ҳәа леиҳәеит.

«Саломе Зурабишвили Украина адгылара азаарҧшра амзызла  иҟалҵаз аҳәамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа ласҳәоит.  Зугәра ҳго ҳпартниорцәа рыбзоурала иаҳа ҳаҕәҕәоуп.  «Ассоциациатә трио» иалахәы аиҩызаратә тәылақәа ҳзы европатәи аҧеиҧш альтернатива амам. Ҳара Бриуссель имҩаҧысраны иҟоу Мрагыларатә партниорра асаммит азы ҳҽазыҟаҳҵоит», — иҩит  Зеленски  Twitter аҿы.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина аҳәааҿы аҭагылазаашьа иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит.