Аиҳабыра Саломе Зурабишвили Литваҟа авизит азы мап лцәыркит

17:05, 04.04.2024

Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла  ахада Саломе Зурабишвили сынтәа мшаҧы  10 инаркны  12-нӡа Литватәи ареспублиаҟа авизит азы мап лцәыркит.

Ақәҵара кьыҧхьуп аиҳабыра рсаит аҿы.

Қырҭтәыла Аконституциа 52 ахәҭаҷ актәи апункти, «Қырҭтәыла аиҳабыра аилазаашьеи, азинмчқәеи, аиҿкаашьеи иазку» азакәан 74 ахәҭаҷи ирышьашәаланы,  Қырҭтәыла ахада  сынтәа мшаҧы  10 инаркны 12-нӡа Литватәи ареспубликаҟа аусуратә визит азы мап лыцәкра», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵараҿ, уи инапы аҵаиҩит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

 

Еиԥшу