Саломе Зурабишвили  - Ҳазынтәгьы, ҳҽеидкыланы, европатәи абираҟ кны алхрақәа рахь ҳцарцаз амобилизациеи аҽазыҟаҵареи аҭахуп, ари абираҟ сара искызаауеит, аҵыхәанӡа сшәыдгылазаауеит
Саломе Зурабишвили  - Ҳазынтәгьы, ҳҽеидкыланы, европатәи абираҟ кны алхрақәа рахь ҳцарцаз амобилизациеи аҽазыҟаҵареи аҭахуп, ари абираҟ сара искызаауеит, аҵыхәанӡа сшәыдгылазаауеит

„Ақырҭуа гәахәтәы“ еилыкка рпозициа аадырҧшит, ахырхарҭақәа зегьы рыла Европа мап ацәыркит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы. иахьа лара атәым финансыркра аартызаара иадҳәаланы   „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәа ицәырыргаз азакәанҧҵраратә инициатива далацәажәеит.

Зурабишвили лҳәамҭала, иахьа   „Ақырҭуа гәахәтәы“ Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш аҧырхагахара иаҿуп.

„Иахьазы зегьы еилкаауп.  „Ақырҭуа гәахәтәы“ еилыкка рпозициа аадырҧшит,  дара ахырхарҭақәа зегьы рыла Европа мап ацәыркит. Ҧасатәи абжьагарақәа роума,  аҵыхтәантәи жә-абжьагарак роума,  уаҵәтәи амши Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа раартреи зхьыҧшу  ахырхарҭақәа зегьы мап рцәыркит.  Европантә аванс ҳауит,  аха,  иахьа,   „Ақырҭуа гәахәтәы“ ҳтәыла европатәи амҩеи ҳҧеиҧши аҧырхагахара иаҿуп.

Аурыс закәани аурыс хырхарҭеи  захьӡу абри амҽыҕразы,  Қырҭтәыла абас ахьымӡҕ аргаразы аҭак заҵәык ауп иҟоу  – алхрақәа рҿы европатәи ҳҳәатәы аҳәара. Хара имгакәа алхрақәа мҩаҧгахоит. Атәыла аиҳабыра ҳара ҳаасҭа иаҳа еиҕьны ирдыруеит,  зегьы раасҭа ирдыруеит  ареалтә цифрақәа зеиҧшроу.  Миша дхынҳәыр ауеит ҳәа ауаа рыршәара иаҿуп,  аха,  абри зегьы башоуп. Атәыла ауааҧсыра реиҳара ирҭаху рдыруеит,  дара ари атәыла ахьыҧшымреи европатәи аҧеиҧши рҭахуп.  Ҳара алхрақәа рахь ҳнеироуп.  Ҳазынтәгьы, ҳҽеидкыланы, европатәи абираҟ кны алхрақәа рахь ҳцарцаз амобилизациеи аҽазыҟаҵареи аҭахуп, ари абираҟ сара искызаауеит, аҵыхәанӡа сшәыдгылазаауеит ҳара, европатәи Қырҭтәыла аиааира ҳгарцаз. Иахьа    „Ақырҭуа гәахәтәы“ егьҟарҵаргьы, ари апроцесс изаҿагылом“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.