Гьаргь  Каландаришвили  Саломе Зурабишвили дылҧылеит атәыла ахада ладминистрациаҿы
Гьаргь  Каландаришвили  Саломе Зурабишвили дылҧылеит атәыла ахада ладминистрациаҿы

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландариашвили  атәыла ахада ладминистрациаҿы аиҧылара мҩаҧигеит.

Каландаришвили ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, иара атәыла ахадеи администрациа аусзуҩцәеи инарҭбаау аинформациа риҭеит жьҭаара 26 алхрақәа раан ахархәара зауа атехнологиатә ҿыцрақәа ирызкны.

«Атәыла ахада ладминситрациашҟа ҳвизит хықәкыс иаман администрациа аусзуҩцәа аинформациа наӡа рыҭара атехнологиақәеи еиуеиҧшым аинновациақәеи ирызкны. Ҳара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы абри аҩыза аинформациатә аиҧыларақәа мҩаҧаагоит.   Аиҧылараҿы атәыла ахадеи администрациа аусзуҩцәеи инарҭбаау аинформациа раҳҭеит жьҭаара 26 алхрақәа раан ахархәара зауа атехнологиатә ҿыцрақәа ирызкны. Атәыла ахадеи администрациа аусзуҩцәеи арҭ атехнологиақәа апрактикаҿы рхархәашьа дҳарбеит», — иҳәеит Гьаргь Каландаришвили.