The Washington Post - Америка урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟанаҵеит, иаауа амчыбжь азы ЕАШ рҟынтә ироуа ашәҟәы кьыԥхьла ирыладмырҵәарц
The Washington Post - Америка урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟанаҵеит, иаауа амчыбжь азы ЕАШ рҟынтә ироуа ашәҟәы кьыԥхьла ирыладмырҵәарц

The Washington Post аинформациа ала, Женева Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылараҿ, аганқәа еиқәшаҳаҭхеит арҭ амшқәа рзы Урыстәыла ЕАШ  рҟынтә ашәарҭадаратә гарантиақәа ирызку аофициалтә аилкаарақәа шаиуа.

WP адыррақәа рыла, Америка урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟанаҵеит, иаауа амчыбжь азы ЕАШ рҟынтә ироуа ашәҟәы кьыԥхьла ирыладмырҵәарц.

Иара убас, аих аинформациа ала, Баиден иадминистрациа аус аднауло аҭак аҿы Америка ашәарҭадара иазку ажәалагалеи адиалог анагӡареи ирызку азцаарақәа иалалоит.