Шарль Мишель – Акомпромиссқәа рыҟаҵара иаамҭоуп, Кристиан Даниелсон амедиациа анагӡаразы Қырҭтәылаҟа дхынҳәуеит
Шарль Мишель – Акомпромиссқәа рыҟаҵара иаамҭоуп, Кристиан Даниелсон амедиациа анагӡаразы Қырҭтәылаҟа дхынҳәуеит

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ишиҳәаз ала, иара ихатә хаҭарнак Кристиан Даниелсон, амедиациа анагӡаразы Қырҭтәылаҟа дхынҳәуеит.

Шарль Мишель ари атәы иҩит  Twitter аҿы.

«Даниелсон имедиациа аан Қырҭтәыла иҟалаз апрогресс  аихшьаала азаауит. Акомпромиссқәа рыҟаҵара иаамҭоуп. Схаҭарнак, амедиациа анагӡаразы, Қырҭтәылаҟа дхынҳәуеит», — иҩит Мишель  Twitter аҿы.

Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак Кристиан Данелсон Қырҭтәыла даҭааит хәажәкыра 12 рзы. Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иара инапы ианиҵеит Қырҭтәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара  имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа рҿы медиаторс дықәгыларц.

Даниелсон, аполитикатә партиқәа зегьы рхаҭарнакцәа дырҧылан, анеҩс, ивизит аҿҳәара ациҵеит.  Аҵыхәтәаны, анапхгаратә гәыҧи аоппозициааи реицҽалархәра ала аиҧыларақәа мҩаҧигеит, аха, урҭ алҵшәа рхылымҵит.

Хәажәкыра 19 рзы Даниелсон Қырҭтәыла дықәҵит.