Саломе Зурабишвили  асоциалтә аҳаҿы алалырҵәеит Шарль Мишели лареи реиҧылара авидеонҵамҭа
Саломе Зурабишвили  асоциалтә аҳаҿы алалырҵәеит Шарль Мишели лареи реиҧылара авидеонҵамҭа

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  асоциалтә аҳаҿы алалырҵәеит Шарль Мишели лареи реиҧылара авидеонҵамҭа. Аиҧылара иазку аофициалтә информациа макьана икьыҧхьым.

Иацы Саломе Зурабишвили, Берлин, Германтәыла ахада  Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит.

Нанҳәа 30 рзы Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аинформациа аладырҵәеит нанҳәа 31 инаркны Қырҭтәыла ахада европатәи алидерцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара дшалаго азы. Ахада ладминистрациаҿы ишырҳәаз ала, арҭ аиҧыларақәа акандидат астатус иадҳәалоуп.  Анеҩс, Қырҭтәыла аиҳабыра, Саломе Зурабишвили авизитқәа рымҩаҧгаразы мап шылцәыркыз иазкны аҳәамҭа аладырҵәеит.

Иахьа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы   Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, апартиа аполитхеилак аилатәараҿы, Қырҭтәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы аӡбара рыдыркылеит.