Шарль Мишель – Акандидат астатус змоу атәыла Евроеидгыла апринципқәа ирышьашәалам азакәан аднакылозар, уи апроцесс азы анырра амазаауеит
Шарль Мишель – Акандидат астатус змоу атәыла Евроеидгыла апринципқәа ирышьашәалам азакәан аднакылозар, уи апроцесс азы анырра амазаауеит

Иаартны исҳәар сҭахуп,  апарламентаҿ ирыдыркылаз азакәанпроект  Қырҭтәыла иацхраауам Евроеидгыла азааигәахараҿы, уи еиҳангьы, сгәы каҳаны сыҟоуп аиҳабыра абри аҩыза аӡбара ахьрыдыркылаз азы, – иҳәеит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель  „Еврониус“ аинтервиу анеиҭоз.

Шарль Мишель ишиҳәаз ала, Европатәи ахеилак  Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазкны аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит, уажәы Бриуссель Қырҭтәылантә иаҳа ирацәаны иҵоуроу адыргақәа ирзыҧшуп.

„Еврониус“ акорреспондент Шарль Мишель диазҵааит  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан амшала  Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара апроцесс иҵаахар ауама ҳәа. Мишель ишазгәеиҭаз ала,  Евроеидгыла апринципқәа ирышьашәалам иарбанзаалак аӡбара ари апроцесс азы анырра аиуеит.

„Арҭбаара апроцесс аихьӡарақәа рышьаҭала имҩаҧысуеит. Евроеидгыла алалара зҭаху акандидат тәылақәа азеиҧш ахадаратә принципқәа пату рықәырҵароуп. Дара Евроеидгыла апринципқәа ирышьашәалам азакәанқәа рыдрымкылароуп, избанзар, уи апроцесс азы анырра аиуеит“, – иҳәеит Шарль Мишель.