Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа Евроеидгылашҟа Қырҭәтыла алалара апроцесси ари апроцессаҿ Қырҭәтыла ареформақәа русхәаҧштәи иалацәажәеит. 

Аиҧылараҿы Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, аҧыза-министрс даныҟарҵа ашьҭахь раҧхьатәи ивизит Бруссель амҩаҧгара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Евроеидгылашҟа атәыла аинтеграциа азҵаара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы шамоу.  Аиҳабыра рнапхгаҩы Шарль Мишель адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Европатәи ахеилак ахада ихаҭа илахәызаареи идгылареи ахә ршьоит. Шарль Мишель Иракли Ҕарибашвили аҧыза-министрс иқәыргылара идныҳаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит. 

Иракли Кобахиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит евроеидгыла аинститутқәа рҟынтә адгылара аҵакы, иара ишиҳәаз ала,  Евроеидгыла евроинтеграциа анеҩстәи аетапаангьы Қырҭтәыла иадгылоит  ҳәа дгәыҕуеит. 

Аиҳабыра рнапхагаҩы ишазгәеиҭаз ала, ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс анагӡаразы, Қырҭтәыла Евроеидгыла аинститутқәеи Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рҟны активла аусеицура нанагӡоит.