Шарль Мишель – Ҳпозициа абасоуп ишыҟоу  –  Украинеи Молдовеи рҟны аиҿцәажәарақәа ҳалагароуп Евроеидгыла алалара иазкны, иара убас,  Босниеи  Герцеговинеи Қырҭтәылеи рызҵаарагьы алацәажәара ҳалагап ҳәа сгәыҕуеит

«Арҭбаара азҵаара уажәшьҭа лабҿабарас иҟалеит. Ҧхьаҟацара иаамҭоуп. Уи уадаҩхоит, аха, хықәкыс иҳамоу цқьа иаадыруазароуп.  2030 шықәсазы арҭбааразы ҳахиазароуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Словениа имҩаҧгаз Астратегиатә форум аҿы данықәгылоз.

Мишель иҳәамҭала, уи хымҧада инагӡатәу усуп.

«Ҳара ари азҵаара хшыҩзышьҭра ду азаауеит, убри аҟынтә, Европатәи Ахеилак анеҩстәи аилатәарақәа рҿы арҭбаара азҵаара ҳалацәажәоит. Ҳпозициа абасоуп ишыҟоу  –  Украинеи Молдовеи рҟны аиҿцәажәарақәа ҳалагароуп Евроеидгыла алалара иазкны, иара убас,  Босниеи  Герцеговинеи Қырҭтәылеи рызҵаарагьы алацәажәара ҳалагап ҳәа сгәыҕуеит. Уажәы ҧасатәи аимакқәа ҭыҧ рымам. Шәареи шәыжәлари,  ҷыдала аҿар,  иаҳа илашу,  ииашоу,  ишәҭыкакаҷу аҧеиҧши ҳеидгыла алалареи шышәҭаху аабоит», — иҳәеит Шарль Мишель.