Шарль Мишель иҳәамҭала, Евроеидгыла, Виктор Орбан иҧсахразы  иазхаша аамҭеи алшарақәеи амоуп
Шарль Мишель иҳәамҭала, Евроеидгыла, Виктор Орбан иҧсахразы  иазхаша аамҭеи алшарақәеи амоуп

Европатәи Ахеилак ахада иҳәамҭала, Евроеидгыла Виктор Орбан иҧсахразы иазхаша аамҭеи алшарақәеи амоуп.

«Аполитикатә ҭаххара иҟазар, Виктор Орбан иҧсахразы  ахархәагақәа рацәа иҟоуп.  Еилышәкаар сҭахуп, ишыҟазаалакгьы, сара сыҧсахра иазку аӡбара рашәарамзазы ирыдыркылараны иҟан, апарламент ҧхынгәы азы аӡбара аднакылоит. Убри аҟынтә, Ахеилак алахәылацәа сара сзыҧсахша акандидат изкны аӡбара адкылара рцәыуадаҩхом», — иҳәеит  Шарль Мишель.

Асабшаз Шарль Мишель ишааицҳаз ала, рашәарамзазы имҩаҧысуа Европарламентахь алхрақәа ихы рылеихәоит, убри аҟынтә, Европатәи Ахеилак ахантәаҩы иҭыҧ заанаҵы ааныжьра иқәшәоит.  Ҧхынгәы инаркны ҧхынҷкәын аҟынӡа Евроеидгылаҿ ахантәаҩра амазаауеит Венгриа. Ахеилак алахәылацәа Шарль Мишель дзыҧсахша акандидат далмырхыр,  аилатәара анапхгара азиуеит  Украина адгылара иазку Евроеидгыла аинициативақәа иааҧҵәаны ирықәшаҳаҭым Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан.