Иракли Ӷарибашвили Шарль Мишель диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Шарль Мишель диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Ниу-Иорк имҩаԥгаз аиԥылараҿ аиҳабыра рнапхгаҩы Европатәи ахеилак ахада адырра ииҭеит Евроеидгыла 12 рекомендациа анагӡара иазкны. Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахырхарҭа зегьы апрогресс амоуп, арекомендациақәа рынагӡара аус аҿы аиҳабыра амаксимум ҟанаҵеит, апрогресс нагӡоит.

„Аԥыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Евроинтеграциа амҩаҿ Қырҭтәыла аԥхьагылара ду шамоу, ари Евроеидгыла аҳасабырбақәа рҿы иаарԥшуп. Иракли Ӷарибашвили иашазгәеиҭаз ала, иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьеи атәыла ақәнагеи инақәыршәаны, Қырҭтәыла аканидат статус ақәнагоит”, – иануп аинформациа аҿы.

Иракли Ӷарибашвили евроинтеграциа апроцесс аҿы адгыларащы Шарль Мишель иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.