НАТО – Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи рҵакырадгьылтә акзаара аилагареи жәларбжьаратәи аҧхықәкрақәа ратәамбареи нанагӡоит
НАТО – Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи рҵакырадгьылтә акзаара аилагареи жәларбжьаратәи аҧхықәкрақәа ратәамбареи нанагӡоит

 

Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи рҵакырадгьылтә акзаара аилагареи жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа ратәамбареи нанагӡоит, — иануп НАТО аҳәамҭаҿы.

Адестабилизациатә фактқәа рылацәажәара аан ҷыдала иалкаан Урыстәыла ала НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа рыӡбара аҽалагареи, Америка иадҳәаланы адезинформациа аларҵәареи, ҧырхага зхылҵуа акиберактивреи.

Америкеи НАТО иалоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ргәаанагарала, Урыстәылоуп америкатә еилахәыра  «Соларвинд»  акибержәыларазы аҭак зыҧхықәу.

НАТО алахәылацәа урыстәылатәи аоппозициа алидер Алеқсеи Навальни иҿагыланы

анервтә-адаблатә маҭәашьар  «Новичок» ахархәара иақәыӡбоит.

НАТО аҳәамҭа ишану ала,  Алианс иалоу атәылақәа аусеицура нарыгӡоит Урыстәыла ахымҩаҧгашьа ақәҿыҭразы.

Алианс Урыстәылахь ааҧхьра ҟанаҵеит зыҧшра ҟамҵакәа адестабилизациатә ауранагӡара иаҟәыҵны, ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа рынагӡареи Украина аҳәааҿы аибарххара аиҵатәреи закәандарала Ҟрым аннексиеи иаҟәыҵырц азыҳәан.