Џьо Баиден ишааицҳаз, хара имгакәа Владимир Путин диԥылоит
Џьо Баиден ишааицҳаз, хара имгакәа Владимир Путин диԥылоит

ЕАШ ахада Џьо Баиден ишааицҳаз, хара имгакәа аурыс иколлега Владимир Путин диԥылоит, аха аиԥылара арыцхәи аҭыԥи макьана аус адырулоит ҳәа.

Ари атәы Баиден ааицҳаит ажурналистцәа данрацәажәоз.

“Украина аҳәаақәа рааигәара урыстәылатәи арратә хәҭақәа рыҟазаара азҵаара иаԥырхагахом. Сгәы шаанаго ала, аиԥылара ҳалшоит. Арыцхәи аҭыԥи ралхра апроцесс мҩаԥысуеит,” – иҳәеит Баиден.