Ильҳам Алиев  Владимир Путин алхрақәа рҿы аиааира идиныҳәалеит  
Ильҳам Алиев  Владимир Путин алхрақәа рҿы аиааира идиныҳәалеит  

 

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев  Владимир Путин дизысны,  алхрақәа рҿы аиааира идиныҳәалеит.

Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Алиев Путин ипрезиденттә усураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Владимир Путин  Азербаиџьан ахада адныҳәаларазы  ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Аҭелтә аиҿцәажәараан ахадацәа ишырҳәаз ала,  ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниорра иаҳа иҕәҕәахап ҳәа игәыҕуеит.

Урыстәыла Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла,  апрезиденттә алхарақәа рҿы Владимир Путин 87,28  наӡына абыжьқәа иоуит.