Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 87-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 87-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит  238-ҩык, урҭ рҟынтә  87-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп  147-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 21-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 2 430-ҩык aуaaҧсырa,  23-ҩык иҧсит.