Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 87-ҩык ирыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 87-ҩык ирыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит 230-ҩык, урҭ рҟынтә  87-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп  158-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 21-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 2257-ҩык aуaaҧсырa,  829-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 21-ҩык иҧсит.