Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 53-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 53-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит 195-ҩык, урҭ рҟынтә 53-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп 78-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 6-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 878-ҩык aуaaҧсырa, 240-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 7-ҩык иҧсит.