Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 53 -ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 53 -ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 271 -ҩык, урҭ рҟынтә 53 -ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 153-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 31-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  4 951-ҩык aуaaҧсырa, 3 369-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит,  58-ҩык иҧсит.