Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 34-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 34-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 118 -ҩык, урҭ рҟынтә 34-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 141-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 25-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  5 312-ҩык aуaaҧсырa,  68 -ҩык иҧсит.