Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 124-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 124-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ  124-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 253-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 37-ҩык ртагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  8 135-ҩык aуaaҧсырa, урҭ рҟынтә ачымазара иалҵхьеит  6 345-ҩык, 102-ҩык иҧсит.