Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 58 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 58 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 58 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит.

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 471-ҩык, урҭ рҟынтә 58-ҩык aкоронaвирус рыдбалан. Ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  263-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 31-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус рыдбалан 11216-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит  8992 -ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 160-ҩык.