Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 12 953 афакт ҿыцқәа аарҧшын, рыԥсҭазаара иалҵит 480-ҩык
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 12 953 афакт ҿыцқәа аарҧшын, рыԥсҭазаара иалҵит 480-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла акоронавирус 12 953 афакт ҿыцқәа аарҧшын, рыԥсҭазаара иалҵит 480-ҩык. Ари атәы аарыцҳаит урыстәылатәи аих аопепративтә штаб аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Урыстәыла иахьаҵанакуа акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵхьеит  82 396-ҩык.

Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 4 139 000-ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит 3 679 000-ҩык иреиҳаны.