Франциа лаҵара 19 инаркны аҧкрақәа рырҧсыҽра ргәы иҭоуп
Франциа лаҵара 19 инаркны аҧкрақәа рырҧсыҽра ргәы иҭоуп

Франциа аиҳабыра ҵхыбжьон акоменданттә сааҭ еиҵартәуеит, лаҵара 19 инаркны акаҳуажәырҭақәеи аресторанқәеи иаарту ақәыҧшылараҿы аусура еиҭалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа  France24.

АИХ адыррақәа рыла,  уажәы, ҧасатәи 2 локдаунк раасҭа акоронавирус афактқәа иаҳа ишырацәоугьы, аиҳабыра аҧкрақәа дырҧсыҽуеит, избанзар аҭыҧантәи абизнеси ажәлари атәыла ахада Емануел Макрон даараӡа иқәыҕәҕәоит.

Франциа ахада ишиҳәаз ала, аҧкрақәа рырҧсыҽразы алшара роуит авакцинациа абзоурала.

Аплан инақәыршәаны, лаҵара 19 инаркны акоменданттә сааҭ ииаргоит асааҭ 21:00 ашҟа, рашәара  23 инаркны  — асааҭ  23:00 ашҟа.  Рашәара  30 инаркны атәылаҿы акоменданттә сааҭ аҧыххоит.

Амузеиқәеи, атеатқәеи, акинотеатрқәеи аадыртуеит лаҵара  19 инаркны. Азин ҷыда змоу атәым туристцәа Франциа иаҭаар рылшоит рашәара  9 инаркны.