Франциа апарламент аимиграциатә политика арџьбара иазку азакәан шьақәнарҕәҕәеит
Франциа апарламент аимиграциатә политика арџьбара иазку азакәан шьақәнарҕәҕәеит

Франциа апарламент аимиграциатә политика арџьбара иазку азакәан шьақәнарҕәҕәеит. Аҩ-палатак азакәанҧҵаратә инициатива иадгылеит.

Азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп закәандарала Франциаҟа инеиз ауааҧсыра рдепортациа армариареи асоциалтә цхыраара аиура аруадаҩреи. Иара убас, апҟара ҿыц инақәыршәаны, амигрантцәа рҭаацәара алахәылацәа Франциаҟа рнагара иаҳа ирцәыуадаҩхоит.

Иара убас, азакәан ҿыц инақәыршәаны,  азинхьчаратә органқәа ирҿагыланы ацәгьаура ҟазҵаз ауааҧсыра иҩбоу атәылауаҩра рымазар, Франциа атәылауаҩра рымырхуеит.