Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киев дыҟоуп
Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Киев дыҟоуп

Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Стефан Сежурне Киев дыҟоуп, – аарыцҳаит франциаитәи аихқәа.

Стефан Сежурне иахьа Укрина ахада Володимир Зеленски диԥылароуп

Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭала, Сежурне Украина даҭааит Франциа адгылара аарԥшразы.

“Ҩышықәса ҵуеит Укрнаина ахатә суверенитети Европа ашәарҭадареи рыхьчара иаҿуижьҭеи. Франциа ацхыраара нагӡахоит. Киев раԥхьаӡатәи свизитаан абри ауп исҳәарц исҭаху”, – иҩит Сежурне асоциалтә каҭаҿы.