Дааныркылеит Авалон ақалақь ахада, лыҩны 70 кьыла аныцә рыԥшааит
Дааныркылеит Авалон ақалақь ахада, лыҩны 70 кьыла аныцә рыԥшааит

Франциатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 7 рзы аполициа аусуҩцәа дааныркылеит аҩны 70 кьыла аныцә змаз франциатәи Авалон ақалақь ахада Џьамила Абсави. Уи ашьҭахь дааныркылеит иҵегьы быжьҩык, урҭ рыбжьара ақалақь ахада лашьцәа.

Иофициалым дыррақәа рыла, аныцә ахада лмаҵурҭаҿ рыԥшааит. Иара убас азакәанхьчаҩҵәа кьыла кокаини бжьнызқь еврои, 20 ахьтәы шәыгәқәа рыԥшааит.