Франциа атерактқәа ршәарҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәоуп
Франциа атерактқәа ршәарҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәоуп

Франциа атерактқәа ршәарҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәоуп. Иашьашәалоу аӡбара атәыла аԥыза-министр Москва аҭыԥ змаз атеракт иадҳәалоуп.

Габриель Атталь асоциалтә каҭаҿы ишааицҳаз, Урыстәыла иҟалаз атеракт ашьҭахь атәыла ахада Еммануель Макрон Франциа атәылахьчаратәи амилаҭтә шәарҭадаратәи хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

“Исламтәи аҳәынҭқарра” ашьҭымҭа инақәыршәаны, урҭ ажәыларазы аҭакԥхықәра рхахьы иргеит, иара убас ҳтәыла иақәмақарит. Ари иазыԥхьагәаҭаны ҳтәылаҿ атерактқәа ршәарҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәоуп”, – ааицҳаит Франциа аԥыза-министр.