Франциа аиҳабыра Џьамтәылантә адипломатцәа рҭаацәарақәа ревакуациа иалагеит
Франциа аиҳабыра Џьамтәылантә адипломатцәа рҭаацәарақәа ревакуациа иалагеит

Франциа аиҳабыра Џьамтәылантә адипломатцәа рҭаацәарақәа ревакуациа иалагеит. Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭала, ари аӡбара рыдыркылеит Џьамтәыла Израиль иақәлоит ҳәа аларҵәара зауз адырра афон аҿы.

Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Џьамтәылеи, Ливани, Израиль рышҟа имцар.