Франциа агәабзиарахьчара аминистр ишиҳәаз ала,  COVID-19 аштамм ҿыц Франциагьы аларҵәара амазар ҟалап
Франциа агәабзиарахьчара аминистр ишиҳәаз ала,  COVID-19 аштамм ҿыц Франциагьы аларҵәара амазар ҟалап

Франциа агәабзиарахьчара аминистр Оливие Веран ишиҳәаз ала,  COVID-19 аштамм ҿыц Франциагьы аларҵәара амазар ҟалап,  аха,  аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаҵаз атестқәа рҿы ари ахкҿыц аарҧшымызт.

«Аштамм ҿыц Франциагьы аларҵәара амазар ҟалап», — иҳәеит Веран.

Британиаи ду излацәажәо авирус аштамм ҿыц  70%-ла иаҳа ирласны аларҵәара иаҿуп. Убри амшала,  адунеи еиуеиҧшым атәылақәа Британиа Ду аҟны аамҭала аимадара ааныркылеит.