Carnegie Endowment  иҭнажьит Џьо Баиден Адемократиа асаммит ашҟа ааҧхьара зиҭаз аҳәынҭқаррақәа ирызку апубликациа
Carnegie Endowment  иҭнажьит Џьо Баиден Адемократиа асаммит ашҟа ааҧхьара зиҭаз аҳәынҭқаррақәа ирызку апубликациа

Carnegie Endowment  иҭнажьит Џьо Баиден Адемократиа асаммит ашҟа ааҧхьара зиҭаз аҳәынҭқаррақәа ирызку апубликациа.

Аҭыжьымҭа аҿы аҳәынҭқаррақәа зегьы ахәшьара рыҭоуп ахақәиҭреи адемократиеи аҩаӡара инақәыршәаны, иара убас, уааҵәҟьа иарбоуп ҧхынҷкәын 9-10 рзы имҩаҧысуа асаммит ашҟа абарҭ аҳәынҭқаррақәа ааҧхьара зроуз.

Ааҧхьара зауз аҳәынҭқаррақәа рсиа иалоуп адемократиа усҟак ахьыҕәҕәам алибералтә ҳәынҭқаррақәеи, иара убас, Конго, Пакистан уҳәа, авторитартә тәылақәеи. Аҳәынҭқаррақәа ахәшьара рыҭоуп  Freedom House  2021 шықәсатәи аҳасабырба ашьаҭала.

Қырҭтәыла «хәҭала зхы иақәиҭу» аҳәынҭқаррақәа ркатегориа иаҵанакәеит. Апубликациа автор  Стивен Фельдстаин ишазгәеиҭаз ала, асаммит алахәылацәа аналырхуаз, иазҧхьагәаҭан арегионалатә динамикеи, Америка астратегиатә интересқәеи.

Иара убас, ҧырхага азаамгара адемократиатә критери ахатә роль нанагӡеит тәылақәак ралхра апроцесс аҿы. Иаҳҳәап,  Венгриеи Ҭырқәтәылеи Баиден иадминистрациа рҟынтә ааҧхьара рмоуит, избанзар, Баиден Венгриа аҧыза- министр Виктор Орбани Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани реиҭалхра апроцесс аҿы алагала аҟаҵара иҭахым.