Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 653 Қарҭ иаарҧшын, 144 – Аҷара, 102 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 653 Қарҭ иаарҧшын, 144 – Аҷара, 102 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 653 Қарҭ иаарҧшын, 144 – Аҷара, 102 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  20 129 атестқәа: 6 667  – антиген азы,  PCR –  13 462.

Аҵоура арбага: мышктәи –  5.70%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 4,87%, иҳаҩсыз 7 мштәи –  5.13%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 311457–ҩык, урҭ рҟынтә  291457-ҩык aчымaзaрa иaлҵит,  4 130-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 45 338-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 96-ҩык, 750-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  3 919 -ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 1 147  акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  653 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 144, Имереҭи —  83, Қвемо Қарҭли  —  41,  Шида Қарҭли  —  36, Гуриа  — 22, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  —102,  Кахеҭи  —  35,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  — 25,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 6, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 0.