Энтони Блинкен – Лукашенко ирежим рхымҩаҧгашьа  амшала, 120ҩык иреиҳаны апассаџьырцәа рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылан, ари аинцидент шьаҭанкыла иҭҵаатәуп

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Минск ажурналист Роман Протасевич иаанкылара инамаданы аҳәамҭа алаирҵәеит.

«Америка, Евроеидгыла иалоу 2 ҳәынҭқаррак рыбжьара ареис даҽа хырхарҭак ала адәықәҵареи, аҳаирплан аҟынтә ажурналист Роман Протасевич илбаагареи, анеҩс, Минск  ибаандаҩтәреи  ҕәҕәала иақәыӡбоит. Ҳара ажурналист зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра ҳаҳәоит. Лукашенко ирежим рхымҩаҧгашьа амшала, 120ҩык апассаџьырцәа, Америка атәылауаагьы нрылаҵаны, рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылан», — иануп аҳәамҭаҿы.

Блинкен иҳәамҭала, абри аинцидент шьаҭанкыла иҭҵаатәуп.

Аоппозициатә журналист Роман Протасевич лаҵара 23 рзы Минск даанкылан. Беларус анапхгара иара амассатә аилаҩынтәра аиҿкаара ихарарҵоит.