Беларус Атәылахьчара аминистрра адыррала, Минск Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара иазку аинформациа иақәшаҳаҭым
Беларус Атәылахьчара аминистрра адыррала, Минск Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара иазку аинформациа иақәшаҳаҭым

Минск Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара иазку аинформациа иақәшаҳаҭым, – ари атәы аанацҳаит Беларус Атәылахьчара аминистрра Телеграмм канал.

Телеграмм иаланарҵәаз аинформациа ишану ала, Беларус Атәылахьчара аминистрра ҩ-гежьҧрыгак Польша аҳаиртә қәыҧшылара еиларгазшәа польшатәи аган иаладырҵәаз аинформациа иақәшаҳаҭым.

Беларус Атәылахьчара аминистрраҿы ргәы ишаанаго ала, польшатәи аган беларусаа Польша аҳаиратә қәыҧшылара аилагара рхарарҵар рҭахуп „Беларус аҳәааҿы иацҵаны амчқәеи ахархәагақәеи рыргыларазы даҽа мзызк рыҧшаарцаз“.

Уаанӡа, Варшава ишьақәдырҕәҕәеит беларустәи агежьҧрыгақәа Польша аҳәынҭқарратә аҳәаа шеиларгаз. Польша Амилаҭтә шәарҭадара аминистр Мариуш Блашчак аҳәааҿы аруаа рхыҧхьаӡара аизырҳареи, иҵегьы  арратә ресурсқәеи агежьҧрыгақәеи  ралхреи азы адҵа ҟаиҵеит.