Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла асуррогаттә анразы азин рымазаауеит Қырҭтәыла атәылауаа мацара, дара аекстрокорпоралтә аҕьаркразгьы азин рымазаауеит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла асуррогаттә анразы азин рымазаауеит Қырҭтәыла атәылауаа мацара, дара аекстрокорпоралтә аҕьаркразгьы азин рымазаауеит.

Иара иажәақәа рыла, ари аинициатива атәылаҿы адемографиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иацхраар ауеит.

«2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Қырҭтәыла иатәылауаам ауааҧсыра  асуррогаттә анреи  аекстрокорпоралтә аҕьаркреи азин роуӡом. Ишыжәдыруа еиҧш, атәылаҿ адеграфиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа мҩаҧаагоит.  Аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла асуррогаттә анразы азин рымазаауеит Қырҭтәыла атәылауаа мацара, дара аекстрокорпоралтә аҕьаркразгьы азин рымазаауеит. Азакәанпроект апарламентахь идәықәаҳҵоит ҳазну амчыбжь азы. Азакәанпроект шьақәдырҕәҕәар, уи амч аиуеит  2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны, ари апроблема аҵыхәанӡа иӡбахоит», — иҳәеит  Зураб Азарашвили.