Зураб Азарашвили – Атәылаҿ асезонтә вирусқәа аларҵәоуп, аха ҳзыргәамҵша амзыз иҟам
«Иахьазы атәылаҿ асезонтә вирусқәа аларҵәара рымоуп, ҳзыргәамҵша мзызк иҟам», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили аиҳабыра реилатәара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.
«Ҭагалан алагамҭаз ҳара атәылашҟа ааҳгеит зкомпонентқәа рацәоу авакцина. Аминистрра активла ауааҧсыра ирыҳәон агрипп аҽыхьчаратә вакцина ҟарҵарц, убри азыҳәан еиуеиҧшым акампаниақәа мҩаҧган. Иахьа атәылаҿ абжьааҧнытә асезонтә вирусқәа аларҵәара рымоуп. Қырҭтәыла мацара акәымкәа, адунеи зехьынџьара абри аҩыза аҭагылазаашьа иҟоуп. Ажьырныҳәа анҵәамҭаз авирусқәа раларҵәара ашыкьымҭа ҟалар ауеит. Бжеиҳарала, ахәыҷқәа роуп ичмазаҩхо, аха, ҳзыргәамҵша мзызк иҟам. Авакциақәа уажәгьы иҳамоуп, изҭаху ауаа зегьыь алаҵа ҟарҵар рылшоит», — иҳәеит Азарашвили.
Аминистр иҳәамҭала, ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа иҟоуп, ари аганахьала изакәызаалак проблемак иҟам.