Иахьа инаркны Қырҭтәыла ахәшәқәа рзы ареференттә ахәқәа шьақәыргылоуп
Иахьа инаркны Қырҭтәыла ахәшәқәа рзы ареференттә ахәқәа шьақәыргылоуп.
Жәабран 15 инаркны афармацевтика аусхкы аҿы аус зуа аилахәырақәеи, адистрибуторцәеи, цырала ахәшәқәа зҭиуа ахәаахәҭҩцәеи ируалуп ареференттә ахәқәа ирышьашәаланы ахәшәқәа рзы хыхьтәи аҳәаа ашьақәыргылра.
Агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, афармацевтикатә сектор ахәшәқәа рыхәқәа ирыхәаҧшроуп ажьырныҳәа 31-нӡа. Дара иарбанызаалак хәшәык ахә иадҳәланы иҵаҵгәырку аргументқәа цәырыргар, ари азҵаара иахәаҧшуеит аминистрраҿы еиҿкаау ахеилак ҷыда.
Азарашвили ишазгәеиҭаз ала, абарҭ аҧҟарақәа реилагаразы еиуеиҧшым асанкциақәа иазҧхьагәаҭоуп.