Зураб Азарашвили – Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартреи ахәшәқәа рыхә аҳәаақәҵареи абзоурала ахәшәқәа рыхә иадҳәалоу апроблема аҵыхәанӡа иӡбахоит
Зураб Азарашвили – Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартреи ахәшәқәа рыхә аҳәаақәҵареи абзоурала ахәшәқәа рыхә иадҳәалоу апроблема аҵыхәанӡа иӡбахоит

«Ҳара аамҭа-аамҭала ауааҧсыра аинформациа раҳҭоит жәабала амиллион лари аиҷаҳара иазкны», — иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили аиҳабыра реилатәара ашьҭахь.

«Ҳгәы ишаанаго ала ,  шықәсык ала ҳуааҧсыра  180 инаркны   200 миллион  лари аҟынӡа аиҷаҳара рылшоит. Уи аҭырқәа ахәшәқәа мацара рзы. Иара убас, ареференттә ахәқәа анышьақәҳаргылалак , егьырҭ ахшәқәагьы рыхәқәа лаҟәхоит. Ари апроект аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартреи ахәшәқәа рыхә аҳәаақәҵареи абзоурала ахәшәқәа рыхә иадҳәалоу апроблема аҵыхәанӡа иӡбахоит.  Анеҩстәи ашықәс ажьырныҳәа инаркны ачымазара лаҽқәа зыхәшәтәуа ахәшәқәа рзы ареференттә ахәқәа шьақәҳаргылоит. Анеҩстәи аетап азы ахәшәқәа зегьы рзы ареференттә ахәқәа шьақәҳаргылоит», — иҳәеит  Зураб Азарашвили.