Зураб Азарашвили иҳәамҭала, иарку ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада аныҟәгара иазку аӡбара аҧыхра азҵаара макьана иалацәажәом
Зураб Азарашвили иҳәамҭала, иарку ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада аныҟәгара иазку аӡбара аҧыхра азҵаара макьана иалацәажәом

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, адунеи зехьынџьара, Қырҭтәылагьы, аепидеммиологиатә ҭагылазаашьа еиҕьхеит.

Убри аҟынтә, Азарашвили игәы иаанагоит хара имгакәа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апандемиа ахыркәшара иазкны аанацҳауеит ҳәа.

«Хара имгакәа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апандемиа ахыркәшара иазкны аанацҳауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьазы ҳтәылаҿы апандемиа апараметрқәа зегьы еиҕьхеит.   Хара имгакәа апандемиа хыркәшахоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Зураб Азарашвили.

Асабрадақәа рныҟәгара иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз аминистр ишиҳәаз ала,  иарку ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада аныҟәгара иазку аӡбара аҧыхра азҵаара макьана иалацәажәом.