Зураб Азарашвили  Чехиа агәабзиарахьчара аминистр диҧылеит
Зураб Азарашвили  Чехиа агәабзиарахьчара аминистр диҧылеит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили, Прага иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  чехиатәи иколлега  Властимил  Валек диҧылеит.

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала,   аганқәа рхаҭарнакцәа амедицинатәи афармацевтикатәи системеи Қырҭтәыла имҩаҧыргараны иҟоу ареформеи  иалацәажәеит.

«Хшыҩзышьҭра азун ахәшәқәа рзы  ареференттә ахәқәа  рышьақәыргылара азҵаара. Аминистрцәа ари ахырхарҭала активла аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәыла аклиникақәа ракредитациа, уи мҩаҧыргоит  2025 шықәса инаркны.

Иара убас, аиҧылараҿы, Чехиа агәабзиарахьчара аминистр Қырҭтәыла имҩаҧигараны иҟоу авизит иалацәажәеит», — иануп Агәабзиаарахьчара аминистрра аинформациаҿы.