Чехиа атәылахьчара аминистр  - Сара ЕАР иҟанаҵаз ҧхашьоит
Чехиа атәылахьчара аминистр  - Сара ЕАР иҟанаҵаз ҧхашьоит

Чехиа атәылахьчара аминистр Иана Чернехова ЕАР Ассамблеиа Хада арезолиуциа акритика азылуит.

«ЕАР иҟанаҵаз сацәыҧхашьоит. Сгәы ишаанаго ала,  Чехиа атеррористцәа ирыдгыло, ахыхьчаразы азин хада пату ақәзымҵо аиҿкаара  изақәгәыҕуам. Шәааи, ҳдәылҵып. Хымчыбжь раҧхьа ҲАМАС  аибашьцәа  1400ҩык иреиҳаны ауриацәа ршьит, 2001 шықәса цәыббра 11 рзы Аль-Қаида Америка иршьыз аасҭа ирацәаны. Аха, 14 ҳәынҭқарра мацара, ҳаргьы уахь ҳанрылаҵаны, ҲАМАС ала имҩаҧгаз зеиҧшҟамлац атеррористтә акт иақәыӡбит», — илҳәеит  Чернехова.

ЕАР Ассамблеиа Хада 120 быжьқәа рыла  иаднакылаз арезолиуциала Ҕаза асектораҿ  «зыҧшра ҟамҵакәа агуманитартә амца аанкылара» азы ааҧхьара ҟарҵеит, ари арезолиуциа иақәшаҳаҭымхеит 14 ҳәынҭқаррақәа мацара.